Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура   - Ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа Карели амуниципалитет Тахтисӡири ақыҭа иазааигәаны  Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала дааныркылеит
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура   - Ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа Карели амуниципалитет Тахтисӡири ақыҭа иазааигәаны  Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала дааныркылеит

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа Карели амуниципалитет Тахтисӡири ақыҭа иазааигәаны  Қырҭтыла атәылауа закәандарала дааныркылеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адырра ишану ала, ари аинцидент иадҳәаланы аинформациа анроуҵәҟьа, Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа  «ацәаҳәа ҷыда» аус адыруит.

«Закәандарала ауаҩы иаанкылара афакт иазку аинформациа, зыҧшра ҟгамҵакәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи  ирыҭан. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа ирласӡаны рхақәиҭтәра амзызла ҳнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп  ампыҵахалатә мчы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.