Бадра Гәынба импыҵахалоу Аҧсны апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира шигаз рылеиҳәеит
Бадра Гәынба импыҵахалоу Аҧсны апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира шигаз рылеиҳәеит

Бадра Гәынба импыҵахалоу Аҧсны апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира шигаз рылеиҳәеит. Иара ишиҳәаз ала,  иалхратә штабаҿ иҟоу заанаҵтәи адыррақәа рыла, аҩбатәи атураҿ  50% еиҳаны абыжьқәа иоуит.

«Уи Аҧсны жәлар ҳтәыла аҧеиҧш азы инарыгӡо ақәҧараҿы риааирахароуп», —  иҳәеит Бадра Гәымба идгылаҩцәа рахь ааҧхьара аныҟаиҵоз.

Иара иеиндаҭлаҩ Адгәыр Арӡынба макьана аҳәамҭа ҟаимҵацт.