Импыҵахалоу Аҧсны ишьақәдырҕәҕәеит украинатәи адронқәа аҧснытәи арегион аҳаиртә қәыҧшылара ишалалаз
Импыҵахалоу Аҧсны де-факто арежим ишьақәдырҕәҕәеит украинатәи адронқәа аҧснытәи арегион аҳаиртә қәыҧшылара ишалалаз.
Импыҵахалоу арежим АИХқәа рдыррақәа рыла, Аҧсны де-факто ахада Бадра Гәымба де-факто аиҳабыра алахәылацәа дырҧыланы, адҵа риҭеит абри аҩыза аинцидентқәа рҧырҟәҟәаара амзызла Урыстәыла аҳәаатә маҵзуреи аурыс 7-тәи арратә базеи рҟны аусеицура дырҭбаарц.
Аиҧылараҿы импыҵахалоу Аҧсны зҵакы дуу аинфраструктура ахьчара азҵаара иалацәажәеит.