Жәабран 15 рзы импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада иалхрақәа мҩаҧысуеит
Жәабран 15 рзы импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада иалхрақәа мҩаҧысуеит.
Де-факто Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан иҳәамҭала, алхыҩцәа рсиа иалагалоуп 134 нызқьҩык.
Аҧсны де-факто анапхгара ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, Аҧсны араионқәа зегьы рҿы алхырҭақәа аадыртуеит. Иара убас, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи алхырҭақәа раартра ргәы иҭоуп.
Импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада иҭыҧ иазықәҧоит 5ҩык акандидатцәа: Бадра Гәынба, Олег Барцыц, Роберт Аршба, Адгур Арӡынба, Адгур Хәырхәымал.