Импыҵахалоу Аҧсны идырым ахаҿқәа де-факто адепутат Адгәыр Харазиа иҩны иеихсит
Импыҵахалоу Аҧсны идырым ахаҿқәа де-факто адепутат Адгәыр Харазиа иҩны иеихсит. Аинцидент ҟалеит Аҟәа ақалақь агәҭаны. Аҭыҧантәи АИХқәа ари аинформациа аладырҵәеит импыҵахалоу Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырра шьаҭас иҟаҵаны.
Аинцидент ашьҭахь адепутат иҩны иакәыршаны ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа дырҕәҕәеит.
Де-факто ареспублика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ажәылаҩцәа рыҧшаара иаҿуп.
Ҧхынҷкәын 19 рзы Адгәыр Харазиа Аҧсны апарламентаҿ ахысра далагеит. Адепутатцәа Вахтанг Голанӡиеи Кан Кварҷиеи ахәрақәа роуит. Вахтанг Голанӡиа дыҧсит. Харазиа ихаҭа дыбналеит.