Иракли Чиқовани Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи ртәылахаьчара аминистрцәа Анкара еицымҩаҧырго х-ганктәи аиҧылара ихы алаирхәоит  
Иракли Чиқовани Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи ртәылахаьчара аминистрцәа Анкара еицымҩаҧырго х-ганктәи аиҧылара ихы алаирхәоит  

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли  Чиқовани визитла Ҭырқәтәылаҟа ддәықәлеит.

Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, сынтәа Азербаиџьан–Ҭырқәтәыла–Қырҭтәылатәи х-ганктәи аиҧылара Анкара имҩаҧысуеит.

«3 тәылак рминистрцәа астратегиатә партниорреи х-ганктәи аформатаҿ аусеицура апланқәеи ирылацәажәоит.

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр ҭырқәтәылатәии азербаиџьантәи иколлегацәа  —  Иашар  Гиулери Закир Гасанови рҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Х-ганктәи аиҧылара анеҩс, аминистрцәа азеиҧш декларациа рнапы аҵаиҩны, апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.