Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи реиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Чиқовани Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр Иашар Гиулер диҧылеит
Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи реиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Чиқовани Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр Иашар Гиулер диҧылеит

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр визитла Ҭырқәтәыла дыҟоуп. Иракли Чиқовани  Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи реиҧылара далахәып.  Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Иракли Чиқовани Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр Иашар Гиулер диҧылеит. Иара Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла арбџьармчқәа рҿиара аус аҿы Ҭырқәтәыла иҟанаҵо аматериалтәи, атехникатәи, афинанстәи цхыраара аҵакы ду.

Аиҧылараҿы аколлегацәа атәылахьчара аусхкы аҿы ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Хадара змаз атемақәа иреиун ашәарҭадара аганахьала адунеиаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи, Амшын еиқәа арегион ашәарҭадареи, ари аганахьала иҟоу апроблемақәеи.

Атәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи реиҧылара, инеишьҭаргыланы, атәылақәа рыхҧагьы рҿы имҩаҧысуеит.  2024 шықәсазы ари аиҧылара Қырҭтәыла имҩаҧган. Сынтәа ари аиҧылара Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақьаҿ, Анкара имҩаҧысуеит.