Иракли Чиқовани Украина атәылахьчаратә аимадаратә гәыԥ аиԥылара далахәуп
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани визитла Германтәыла дыҟоуп. Иракли Чиқовани рамштаи авиабазаҿ имҩаԥысуа Украина атәылахьчаратә аимадаратә гәыԥ аиԥылара далахәуп, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, Рамштаин аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиԥылара рхы аладырхәоит Украина иадгыло атәылақәа ртәылахьчаратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәеи зранг ҳараку аофициалтә хаҿқәеи
„Жәларбжьаратә гәыԥ аиԥылара аартит ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин. Украина атәылахьчаратә аимадаратә гәыԥ алахәылацәа Украина ицо аибашьраҿ акоординациа змоу арратә цхыраара аарԥшра азҵаара иахцәажәеит. Украина атәылахьчаратә аимадаратә гәыԥ 2022 шықәсазы ЕАШ аԥшьгарала ишьаҭаркын, агәыԥ 50 тәылақәа иреиҳаны рхаҭарнакцәа иалоуп”, – иазгәаҭоуп аинформациа аҿы.