Иракли Чиқовани Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи реиҧылара ихы алаирхәит
Иракли Чиқовани Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи реиҧылара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Анкара имҩаҧысуаз  Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи реиҧылара ихы алаирхәит.

Аминистрра адыррақәа рыла, Иракли Ҷиқовани азербаиџьантәи аҭырқәеи иколлегацәа драцәажәеит астратегиатә партниорра иаҵанакәа азҵаарақәеи х-ганктәи аусеицура арҭбаара апланқәеи ирызкны.

„Аминистр ишиҳәаз ала, х-ганктәи аформат атәылақәа рыхҧагьы рырратә маҵзуҩцәа реизааигәахара иацхраауеит. Ари аганахьала ҷыдала иалкаан х-ганктәи азыҟаҵарақәа рдинамикеи арратә аҵара ахырхарҭала аусеицуреи. Атәылахьчара аусхкы аҿы х-ганктәи аусеицура хықәкыс иамоуп арегионалтә шәарҭадара ашьақәырҕәҕәареи   атәылахьчаратә мчқәа рыбжьара аимадара арҕәҕәареи.

Аиҧылара ашьҭахь, аминистрцәа, аусеицура иаҳа арҕәҕәара амзызла, азеиҧш декларациа рнапы аҵаиҩны, аҳәамҭақәа ҟарҵеит. Аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Чиқовани, аҭырқәеи азербаиџьантәи иколлегацәа рҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигеит.

Атәылахьчара аминистрцәа х-ганктәи реиҧылара есышықәса, аротациа апринципла, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Қырҭтәылеи имҩаҧысуеит. Ҳаҧхьаҟа ари аиҧылара Азербаиџьан имҩаҧысуеит“, – иануп Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.