Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Аофициалтә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Венгриа Арбџьармчқәа рштаб хада аиҳабы, аинрал Габор Боронди диҧылеит.
Аминистр венгриатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит атәылақәа русеицура адинамика шыбзиоу. Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы, , аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Венгриеи ртәылахьчара аминистррақәа ирыбжьарҵаз ҩ-ганктәи аплан ала иазҧхьагәаҭоу ахырхарҭақәа ирзааҭгылеит. Иара убас, арегионаҿгьы адунеиаҿгьы ашәарҭадара аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Венгриа Арбџьармчқәа рштаб хада аиҳабы, аинрал Габор Боронди Қырҭтәыла даҭааит ҩымштәи аусуратә визитла. Иара Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит. Иара убас, венгриатәи аделегациа Крҵаниси иҟоу НАТО-Қырҭтәылатәи азыҟаҵаратә центр иаҭааит.