Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Бриуссель имҩаҧысуаз  «Рамштаин аформат» аиҧылра ихы алаирхәит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Бриуссель имҩаҧысуаз  «Рамштаин аформат» аиҧылра ихы алаирхәит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Бельгиа даҭааит.  Иракли Чиқовани Украина ахыхьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ  27-тәи аиҧылара ихы алаирхәит. Аиҧылара мҩаҧган Бриуссель, НАТО аштаб-уадаҿы.

Аиҧылара рхы аладырхәит НАТО иалоу атәылақәеи апартниорцәеи ртәылахьчара аминистрцәа.

Жәларбжьаратәи агәыҧ аилатәара аадыртит Британиа Ду атәылахьчара аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Џьон Ҳили Германтәыла атәылахьчара аминистр Борис Писториуси.

Аиҧылара алахәылацәа уажәазы Украина иҟоу аҭагылазаашьеи арратә цхыраареи адгылареи аганахьала Украина аҭахрақәеи ирылацәажәеит.

«Рамштаин аформат» аҧҵан  2022 шықәса мшаҧы азы, Америка аинициативала.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.