Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 92-ҩык ирыдбалан
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 92-ҩык ирыдбалан

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Шәaмaхьтәылa aкоронaвирус 92-ҩык рыдбалан, 149-ҩык ачымазара иалҵит. Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Шәамахьтәыла аӡәы иԥсҭазаара далҵит.

Ари атәы аарыцҳаит аҭыԥантәи аих атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ироуз адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла иҟаҵан 2 916 атестқәа.

Апандемиа иалагеижьҭеи Шәамахьтәыла aкоронaвирус рыдбалан 222 870-ҩык, 213 578-ҩык ачымазара иалҵхьеит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 4 446-ҩык.