Иенс Столтенберг – Украина уаҵәыҵәҟа Алианс ашҟа  адкылара азҵаара ҳахәаҧшуам, аха,  уажәазы Украина аганрацәала адгылареи ацхраареи  азҵаара  ахадаратә ҧыжәара амоуп
Иенс Столтенберг – Украина уаҵәыҵәҟа Алианс ашҟа  адкылара азҵаара ҳахәаҧшуам, аха,  уажәазы Украина аганрацәала адгылареи ацхраареи  азҵаара  ахадаратә ҧыжәара амоуп

«Украина уаҵәыҵәҟьа  Алианс ашҟа адкылара азҵаара ҳахәаҧшуам, аха,  уажәазы Украина аганрацәала адгылареи ацхраареи  азҵаара  ахадаратә ҧыжәара амоуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иахьатәи абрифинг аҿы.

Столтенберг иҳәамҭала, Алианс Украина иадгылоит, аха, НАТОи Урыстәылеи ишиашо реиҿагылара аҽацәыхьчаразы аҭак аҧхықәуп, избанзар, абри аҩыза аиҿагылара ауаа рацәа ҭанархар ауеит.

«Аҩадаатлантикатә алианс абри аимак иалахәым, ҳара Украинаҟа арбџьармчқәа дәықәаҳҵом. Украина ацхраара азҵаара аҵакы ду амоуп, аха, ҳара аимак аескалациа ҳҽацәыхьчароуп, избанзар, уи иаҳа зымҽхак дуу аибашьранӡа ҳнанагоит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.