Иенс Столтенберг - Путин аиааира игар, Украина арыцҳара иҭагылоит, аха, уи ҳара ҳзгьы шәарҭахоит, убри аҟынтә, ҳара Украина аиқәырхара ҳазҿлымҳауп
Иенс Столтенберг - Путин аиааира игар, Украина арыцҳара иҭагылоит, аха, уи ҳара ҳзгьы шәарҭахоит, убри аҟынтә, ҳара Украина аиқәырхара ҳазҿлымҳауп

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭала, алианс алахәылацәа Украина ацхраара нарыгӡароуп.

Столтенберг иажәақәа рыла, наҟ-наҟ Украина ацхраара НАТО аинтересқәа ирыҵанакуеит.

«Ҳара цқьа еилаҳкаароуп ахада Путин аиааира игар, Украина арыцҳара ишҭагыло, аха, уи ҳара ҳзгьы шәарҭахоит, убри аҟынтә, Украина аиқәырхара ҳинтересқәа ирыҵанакуеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада.

Иенса Столтенберг иажәақәа рыла, алианс алахәылацәа Украина ацхраара нарыгӡароуп.

«Ҳара ажәабжь цәгьақәа рзгьы ҳахиазароуп. Аибашьра ацашьа апроцесс аҽаҧсахыр ауеит. Ҳара аамҭа бзиа аангьы аамҭа цәгьа аангьы Украина ҳадгылазароуп. Уажәтәи аибашьра  — алҵшәара азықәҧароуп, алогистика азықәҧароуп», — иҳәеит Столтенберг.