Иенс Столтенберг – Иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара азин амоуп, аӡбара ҳадаҳкылоит Алианс иалоу  30 ҳәынҭқарра рконсенсус ашьаҭала
Иенс Столтенберг – Иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара азин амоуп, аӡбара ҳадаҳкылоит Алианс иалоу  30 ҳәынҭқарра рконсенсус ашьаҭала

«Украина ахатә мҩеи  ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы  иаҳа ирзеиҕьу архитектуреи алхра азин амоуп, уи аҿы Украина ҳадгылоит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ирласу аҧҟарала НАТО алалара иазкны Украина иҟанаҵаз аҳәара данахцәажәоз.

Столтенберг иҳәамҭала, иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара азин амоуп, аӡбара рыдыркылоит Алианс иалоу  30 ҳәынҭқарра рконсенсус ашьаҭала.

«Иарбанызаалак европатәи адемократиатә ҳәынҭқарра Алианс алаларазы аҳәара аҟаҵара азин амоуп. НАТО ари азин пату ақәырҵоит.   Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит НАТО ашәқәа шаарту, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи ааҳарҧшит.  Мадридтәи асаммит аҿы ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит Украина ахатә мҩеи  ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы  иаҳа ирзеиҕьу архитектуреи алхра азин шамоу, уи аҿы Украина ҳшадгыло.   Ҳәарада, аӡбара ҳадаҳкылоит Алианс иалоу  30 ҳәынҭқарра рконсенсус ашьаҭала. Уажәазы ҳара, зыҧшра ҟамҵакәа Украина ҳацхраароуп  гәымбылџьбаратә аурыс интервенциа аҿагылараҿы. Уажәазы уи ауп хықәкыс иҳамоу», — иҳәеит  Столтенберг.

Иахьа Украина ахада  Владимир Зеленски ишааицҳаз ала, Украина ирласу аҧҟарала НАТО алаларазы аҳәара ҟанаҵеит.