Иенс Столтенберг – Ҭырқәтәыла  НАТО ашҟа Швециа алалара иақәшаҳаҭхеит
Иенс Столтенберг – Ҭырқәтәыла  НАТО ашҟа Швециа алалара иақәшаҳаҭхеит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала, Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан   НАТО ашҟа Швециа алалара дақәшаҳаҭхеит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Вильниус имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

«Гәахәарыла аасыцҳар сҭахуп сара еиҿыскааз аиҧылараҿы  Реџьет Таип Ердоҕани Швециа аҧыза-министри  еиҿцәажәан,  Ердоҕан НАТО ашҟа Швециа алалара дшақәшаҳаҭхаз.

Абри аҭоурыхтә шьаҿа абзоурала, НАТО алахәылацәа иаҳа иҕәҕәахоит, иаҳа ихьчазаауеит», — иҩит  Столтенберг Твиттер аҿы.