Иахьа инаркны абҵара 15-нӡа изҭаху ауааҧсыра зегьы хәыда-ҧсада асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә вакцина ҟарҵар рылшоит
Иахьа инаркны абҵара 15-нӡа изҭаху ауааҧсыра зегьы хәыда-ҧсада асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә вакцина ҟарҵар рылшоит

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, иахьа инаркны абҵара 15-нӡа изҭаху ауааҧсыра зегьы хәыда-ҧсада асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә вакцина ҟарҵар рылшоит.

«Аиммунизациа аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, авакцинациа мҩаҧгахоит ҧшь-компонентк рыла ишьақәгылоу авакцина  Abbott Biologicals B.V. ала. Авакцина аҧҵоуп асезонтә грипп аан аларҵәара заур зылшо аштаммқәа иазҧхьагәаҭаны.

Фымз зхыҵуа асабицәа индыркны изҭаху ауааҧсыра зегьы хәыда-ҧсада авакцинациа иахысыр рылшоит  авакцинациа мҩаҧызго иарбанзаалак амедицинатә усбарҭаҿы«, — иануп Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.