Human Rights Watch-и Amnesty International-и  - Қырҭтәыла анапхагара  амедицинатә аихшьаала ашьаҭала Саакашвили ихақәиҭтәра азҵаара иахәаҧшроуп
Human Rights Watch-и Amnesty International-и  - Қырҭтәыла анапхагара  амедицинатә аихшьаала ашьаҭала Саакашвили ихақәиҭтәра азҵаара иахәаҧшроуп

Жәларбжьаратәи азинхьчаратә аиҿкаарақәа Human Rights Watch-и Amnesty International-и   Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵоит амедицинатә аихшьаала ашьаҭала Саакашвили ихақәиҭтәра азҵаара иахәаҧшырц.

Арҭ аиҿкаарақәа Қырҭтәыла Аиустициа аминистррашҟа ашәҟәы дәықәырҵеит.

«Михаил  Саакашвили иахәҭоу  амедицинатә цхыраара иҭаразы мап ицәкра  – ауаҩы  иргәыҟреи гәымбылџьбарала изныҟәареи  ауп иаанаго,  уи ауаҩы иҧсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит.  Абахҭа иҭаку ауаҩҧсы иахәҭоу амедицинатә цхыраара ахьмоуз амшала дыҧсыр –  хаҧызарала аҧсҭазаара азин имхра ауп иаанаго,  абри зегьы ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку жәларбжьаратәи зин аилагароуп. Қырҭтәыла анапхгара,  зыҧшра ҟамҵакәа,  Михаил Саакашвили игәабзиара ахьчаразы иаҭаху аҭагылазаашьақәа зегьы изеиқәдыршәароуп. Дара,  амедицинатә аихшьаала ашьаҭала ихақәиҭтәра азҵаарагьы иахәаҧшроуп», —  иҳәеит Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи рызҵаарақәа рзы  Amnesty International  адиректор ихаҭыҧуаҩ  Денис Кривошеев.

Азинхьчаратә аиҿкаарақәа ргәаанагарала,  Қырҭтәыла анапхгара атәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ихәҭоу амедицинатә цхыраара ирҭар рҭахым,  убри ала иҧсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылоит,  иара динвалидхар ауеит,  мамзаргьы игәабзиара зыриашара ҟамло ҧырхага аиуеит.

Европеи Ацентртә Азиеи азҵаарақәа рзы  Human Rights Watch адиректор  Хиу  Уилиамсон игәаанагарала,  «абахҭа аҭакра иаанагом ауаҩы аҧсрала дахьырхәтәуп ҳәа,  ауаҩы зыхәшәтәра ҟало ачымазарақәа рымшала дыҧсыр ауеит».

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара,  жәларбжьаратәи астандартқәа инрықәыршәаны,   ашьауҕатә система абри аспект иаҳа агәыҳалалратә ҟазшьа арҭароуп.