Аиҿкаара Human Rights Watch Қырҭтәыла иазку аҳасабырба цәырнагеит
Жәларбжьаратәи азинхьчаратә аиҿкаара Human Rights Watch Қырҭтәыла аӡбахәы ахьырҳәо аҳасабырба цәырнагеит. Адокумент ишану ала, анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы атәылауаҩратә уаажәларра арбгареи акритикатә АИХқәа рықәыҕәҕәареи иазку азакәанқәа анаднакыла ашьҭахь, 2025 шықәсазы атәылаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа акырӡа ицәгьахеит.
Аиҿкаара аинформациала, Қырҭтәыла анапхгара аҭынчратә апротесттә акциақәа раан амч рхы иадырхәит.
Human Rights Watch адокумент ишану ала, Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи, абарҭ ахҭысқәа ирықәыӡбан, ахадаратә зинқәа реилагара аҳасабала ирыхәаҧшуеит, убри амшала, Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп.
Иара убас, аҳасабырбаҿы, аоппозициатә политикцәа рбаандаҩтәра иалацәажәоит. Аиҿкаара аҳасабырба ишану ала, ақырҭуа аӡбара ааҩык аоппозициатә политикцәа аҭакра рықәнаҵеит ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ихаан иҟаҵаз ацәгьаурақәа реилыргаразы анапхгаратә партиала еиҿкааз апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа абоикот азуразы.