Human Rights Watch Қырҭтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку аҳасабырба аланарҵәеит

Жәларбжьаратә азинхьчаратә еиҿкаара Human Rights Watch ахәшьарала, Қырҭтәыла аҿагыларатә акциақәа рҿы аполициа рхымҩаԥгашьа ахьырхәратә ҟазшьа аман.

Азинхьчаратә еиҿкаара аҳасабырбаҿ ишану ала, “аполициеи егьырҭ ашәарҭадаратә мчқәеи аҭынч демонстрантцәа рганахьала иаадырԥшит агәымбылџьбаратә мчылара”.

“Зымҽхак ҭбааз ахьырхәратә уснагӡатәқәа раан ашәарҭадаратә мчқәа адемонстрантцәа ирыԥҟон, ирышьҭан, иааныкылон. Аполициа иаанкылаз ахаҿқәа аргәаҟуан, ауаҩытәыҩса иҟазшьа иатәым ала ирызныҟәон”, – иануп Human Rights Watch аҳасабырба аҿы.

Human Rights Watch аҳасабырбаҿ иануп азакәанхьаҩцәа рымчылара иаҭакны адемонстрантцәагьы аполициа аԥаҭлыкақәеи еиуеиԥшым амаҭәарқәеи шыргәыдырҵоз, аха инеизакны апротест ҭынч ҟазшьа аман ҳәа.

Human Rights Watch аҳасабырбаҿ иазгәаҭоуп “анапхгара зыԥшра ҟамҵакуа аполициа амчылара аанкыланы, аҭынч аизареи агәаанагара аартреи рзин пату ақәырҵароуп, афактқәа зегьы ишахәҭоу еиԥш ҭҵааны, ахара зду ахаҿқәа ақәнагаа рықәырҵароуп ҳәа”.

Human Rights Watch аҳәамҭала, жәларбжьаратәи апартниорцәа зыԥшра ҟамҵакуа Қырҭтәыла аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыҭҵаара идҵаны иқәдыргылароуп. Евроеидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәыла адемонстрантцәа рыргәаҟразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала рхы иадырхәароуп Евроеидгыла аглобалтә ауаҩытәыҩа изинқәа рсанкциақәа рзы арежим. Евроеидгыла атәылақәа атәылауаҩратә уаажәларреи аихқәеи рыдгылара дырӷәӷәароуп.