Германтәыла Атәылахьчара аминистр ишаалыцҳаз, хара имгакәа Украина германтәылатәи амалакәырытә артиллериатә бзарбзанқәа аиуеит
Германтәыла Атәылахьчара аминистр ишаалыцҳаз, хара имгакәа Украина германтәылатәи амалакәырытә артиллериатә бзарбзанқәа аиуеит

Германтәыла Атәылахьчара аминистр ишаалыцҳаз, хара имгакәа Украина германтәылатәи амалакәырытә артиллериатә бзарбзанқәа аиуеит.

Кристин Ламбрехт лажәақәа рыла, хара имгакәа германтәылатәи амалакәырытә артиллериатә бзарбзанқәа Panzerhaubitze 2000 рхархәара иазку украинатәи аруаа рзыҟаҵарақәа ихыркәшахоит. Уи ашьҭахь украинатәи аган абзарбзанқәа аиуеит.

Аминистр лымҳәаӡеит абзарбзанқәа рыҭара арыцхә. Иҟоу адыррақәа рыла, Украина Германтәылантә аиуеит бжьбзарбзанк.