Frontex аинформациала, цәыббра  19 инаркны  25-нӡа Евроеидгыла аҵакырадгьыл иалалеит  66 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаа, ари ахыҧхьаӡара иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟаз ахыҧхьаӡара аасҭа  30%-ла еиҳауп
Frontex аинформациала, цәыббра  19 инаркны  25-нӡа Евроеидгыла аҵакырадгьыл иалалеит  66 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаа, ари ахыҧхьаӡара иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟаз ахыҧхьаӡара аасҭа  30%-ла еиҳауп

Аҳәаақәа рхылаҧшразы Евроеидгыла агентра Frontex,  аинформациала, цәыббра  19 инаркны  25-нӡа Евроеидгыла аҵакырадгьыл иалалеит  66 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаа, ари ахыҧхьаӡара иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟаз ахыҧхьаӡара аасҭа  30%-ла еиҳауп.

Агентра адыррала, Урыстәыла атәылауаа реиҳара Европаҟа инеиуеит Финлиандиеи Естониеи ирылсны.

Агентра аинформациа инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Финлиандиаҟа инеит  30 000ҩык Урыстәыла атәылауаа.

Frontex адыррала, Украинаҿ аибашьра ианалага инаркны, адгьылтә аҳәаала, Урыстәылантә Евроеидгыла  иалалеит  1 миллион  303 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаа, урҭ рҟынтә 1 миллион  273 нызқьҩык Урыстәылаҟа ихынҳәит.