Нидерланды амиграциа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҳәамҭала, арратә маҵзура иацәцар зҭаху Урыстәыла атәылауаа Нидерланды алаларазы мап рцәыркуам
Нидерланды амиграциа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҳәамҭала, арратә маҵзура иацәцар зҭаху Урыстәыла атәылауаа Нидерланды алаларазы мап рцәыркуам

Арратә маҵзура иацәцар зҭаху Урыстәыла атәылауаа Нидерланды алаларазы мап рцәыркуам. Украинатәи АИХ адыррқәа рыла, ари атәы ааицҳаит Нидерланды амигрциа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ерик ван дер Бург.

«Дара шьҭахьҟа ианыхынҳәуа ирҧеиҧшхо ауп аус злоу», — иҳәеит  Ван дер Бург.

АИХ адыррақәа рыла, нидерландтәи амиграциатә маҵзураҿы аурыс дезертирцәа рҟынтә арзаҳалқәа рмоуӡацт.   Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, ахыҵакырҭа аҳәарала амиграциатә маҵзура иадҵаалт 83ҩык Урыстәыла атәылауаа.  Агентраҿы ишырҳәаз ала, Путин Урыстәылаҿ амобилизациа анрылеиҳәа ашьҭахь ахыҵакырҭа иаҳәо ауаа рхыҧхьаӡара ацымлеит. Аха, анеҩстәи амчыбжь азы аҭагылазаашьа аҽаҧсахыр ауеит. .

Ишыжәдыруа ала, Урыстәыла ахада Владимир Путин уажәааны инапы зҵаиҩыз закәан инақәыршәаны,  аибашьра аҽалархәразы мап зкуа Урыстәыла атәылауаа хышықәса инаркны жәашықәсанӡа аҭакра рықәырҵоит.