Аиҿкаара  "Дроа" активистцәа агәаҭара-аужьҭратә пункт "Ларс" ааигәара акциа мҩаҧыргоит
Аиҿкаара  "Дроа" активистцәа агәаҭара-аужьҭратә пункт "Ларс" ааигәара акциа мҩаҧыргоит

Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, дара  Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылаҟа раара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.

Аҭыҧаҿы аус зуа Актәи аканал акорреспондент ишааицҳаз ала, аҳапкылҵәа егьы аганаҿ аиҭаҵра ҧкуп, убри аҟынтә, акциа алахәылацәа егьы аганашҟа изиасуам.

Акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи ари атемазы аимак рыбжьалеит.

«Дроа» алахәылацәа ишырҳәаз ала, азинхьчаҩцәа акциа амҩаҧгараҿы ирҧырхагахар, амҩа адыркыр ҟалап.