Роман Гоцириӡеи Хаҭиа Деканоиӡеи Қырҭтәыла иҟоу Урыстәыла атәылауаа аинвестициатәи  аҿҳәаракьаҿлатәи анхара азин рыҭара апроцесс 2024 шықәса анҵәамҭанӡа аанкылара иазку аинициативала иқәгылеит
Роман Гоцириӡеи Хаҭиа Деканоиӡеи Қырҭтәыла иҟоу Урыстәыла атәылауаа аинвестициатәи  аҿҳәаракьаҿлатәи анхара азин рыҭара апроцесс 2024 шықәса анҵәамҭанӡа аанкылара иазку аинициативала иқәгылеит

Аоппозициатә депутатцәа  Роман Гоцириӡеи Хаҭиа Деканоиӡеи Қырҭтәыла иҟоу Урыстәыла атәылауаа аинвестициатәи  аҿҳәаракьаҿлатәи анхара азин рыҭара апроцесс 2024 шықәса анҵәамҭанӡа аанкылара иазку аинициативала иқәгылеит.

Иахьа имҩаҧгаз апрессконференциаҿы Гоцириӡе ишиҳәаз ала, иашьашәалоу азакәанпроект апарламентаҿ ашәҟәы иҭаргалахьеит.

Гоцириӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны, атәым тәылауаҩ аамҭала анхара азин ирҭоит иара  300 000 адоллар еиҳаны иаҧсоу иеиҭамҵуа амал ааихәозар, ма абри аҟараҵәҟьа аҧара аинвестициа ҳасабала атәыла иалеиҵозар.

Иара иажәақәа рыла, анхара азин аиура ҟалоит  100 000 адоллар еиҳаны иаҧсоу иеиҭамҵуа амаҭәар аахәара ашьаҭалагьы.

„Атәымтәылауаа аинвестициатә анхара азин роуеит 5 шықәса аҿҳәарала, аамҭакьаҿлатәи азин  – шықәсык аҿҳәарала.

Аха, атәымтәылауаҩ  300 000 адоллар еиҳаны иаҧсоу иеиҭамҵуа амал аахәара ашьаҭала аинвестициатә анхара азин иоур, хәышықәса рышьҭахь, азакәан инақәыршәаны, аҿҳәарада анхара азин иоуеит, зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны иара ари амал даҧшәымазар, иҭаацәара алахәылацәагьы аҿҳәарада анхара азин роуеит.

Қырҭтәыла асоциал-економикатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла атәылауаа рацәа атәыла иқәҵуеит, уи ацынхәрас, атәылашҟа иаауеит Урыстәыла атәылауаа рацәа, урҭ реиҳара афинанстә алшара дуқәа рымоуп.

2022 шықәса инаркны  2023 шықәса рашәаранӡа Урыстәыла атәылауаа мацара Қырҭтәыла иаархәеит  10 000 раҟара анхарҭақәа, дара анаплакқәа аадыртуеит, еиуеиҧшым иеиҭамҵуа амал аархәоит,  убри амшала Қырҭтәыла иеиҭамҵуа амал ахә цәгьахеит, Қырҭтәыла атәылауаа ауадақәа раахәареи қьырала ргареи рцәыуадаҩхеит“, – иҳәеит Гоцириӡе.