2026 шықәсатәи амилаҭтә ҧышәарақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа ахыркәшаранӡа инеихьеит

18:36, 29.06.2026

Қырҭтәыла Ахәшьараҭареи аҧышәарқәеи амилаҭтә центр аҿы  2026 шықәсатәи аҧышәарақәа рзы аҽазыҟаҵара ахыркәшаранӡа инеихьеит. Аматериалқәа реиҳара аҧышәаратә центрқәа рахь идәықәҵоуп.

«Уажәазы аҧышәаратә центрқәа рҿы ацклаҧшратә камерақәеи акомпиутерқәеи  рышьақәыргылара иаҿуп.

Аҧышәарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы иахьа аиҿкааратә гәыҧ аилатәара мҩаҧган.

Хара имгакәа аҧышәарақәа рзы аҽазыҟаҵаратә усурақәа хыркәшахоит.

 2026 шықәсазы аҧышәаратә центрқәа аадыртуеит  12 ақалақьқәа рҿы: Қарҭ, Баҭым, жәыргьыҭ, Қәҭешь,Ҧуҭ, Ахалцихе, Гори, Озургеҭи, Русҭави, Ҭелави, Хуло, Амбролаури.  Сынтәа аҭаларатә ҧышәарақәа рҭиуеит  82 000ҩык иреиҳаны абитуриентцәа», — иануп Аҧышәарақәа рзы амилаҭтә центр аинформациаҿы.

 

Еиԥшу