Габриелус Ландсбергис - Литва  баша аҭакҧхықәра иацәыбнало ауааҧсыра ахыҵакырҭа рнаҭом
Габриелус Ландсбергис - Литва  баша аҭакҧхықәра иацәыбнало ауааҧсыра ахыҵакырҭа рнаҭом

Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр  Габриелус Ландсбергис  иҳәамҭала, итәыла баша аҭакҧхықәра иацәыбнало  ауааҧсыра ахыҵакырҭа рнаҭом.

«Литва  баша аҭакҧхықәра иацәыбнало ауааҧсыра ахыҵакырҭа рнаҭом. Урыстәыла атәылауаа ртәылаҿ иаанханы, Путин иҿагыланы иқәҧароуп, — иҩит Ландсберги асоциалтә аҳа  Twitter аҿы.