Литвеи Естониеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа арҭ атәылақәа ралалара азин змам Қырҭтәыла атәылауаа рсиа цәырыргеит
Литвеи Естониеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа арҭ атәылақәа ралалара азин змам Қырҭтәыла атәылауаа рсиа цәырыргеит

Литвеи Естониеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа арҭ атәылақәа ралалара азин змам Қырҭтәыла атәылауаа рсиа цәырыргеит.

Асоциалтә аҳаҿы ари атәы рҩит Литва адәныҟатәи аусқәа рминситр  Габриелус  Ландсбергиси Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Маргус Цахкнеи.

Дара ишырҳәаз ала, асиа иану ауаа асанкциақәа рзышьақәыргылоуп ауаҩы изинқәа реилагаразы.

Асиа иануп:  Биӡина  Иванишвили, Вахтанг Гомелаури, Шьалуа  Бедоидзе, Иосеб Ҷелиӡе, Алеқсандре Дарахвелиӡе, Гьаргь Буҭхузи, Звиад Харазишвили, Милер Лагазаури, Мирза Кезеваӡе, Важа Сираӡе, Теимураз Купатаӡе.