Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Аужьҭратә пункт  «Дариал» аҿгьы Қырҭтәыла егьырҭ агәаҭара-аужьҭратә пунктқәа рҿгьы Урыстәыла атәылауаа рыла аҳәаа ахысра афактқәа рхыҧхьаӡара маҷхеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Аужьҭратә пункт  «Дариал» аҿгьы Қырҭтәыла егьырҭ агәаҭара-аужьҭратә пунктқәа рҿгьы Урыстәыла атәылауаа рыла аҳәаа ахысра афактқәа рхыҧхьаӡара маҷхеит

«Аужьҭратә пункт  «Дариал» аҿгьы Қырҭтәыла егьырҭ агәаҭара-аужьҭратә пунктқәа рҿгьы Урыстәыла атәылауаа рыла аҳәаа ахысра афактқәа рхыҧхьаӡара маҷхеит», — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

«Аужьҭратә пункт  «Дариал»  аҿы апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара маҷхеит.  Иара убас,  Қырҭтәыла егьырҭ агәаҭара-аужьҭратә пунктқәа рҿгьы Урыстәыла атәылауаа рыла аҳәаа ахысра афактқәа рхыҧхьаӡара маҷхеит. Лымкаала, цәыыбра  29 асааҭ  10:00 инаркны цәыббра 30 асааҭ  10:00-нӡа  зынӡа Қырҭтәыла аҳәаа иахысит 6 109ҩык Урыстәыла атәылауаа, Қырҭтәыла аҵакырадгьлы иалҵит  5186ҩык.

Иара убас,  агәаҭара-аужьҭратә пункт  «Дариал» аҿы аидаратә машьынақәеи амашьына ласқәеи реиҭаҵра абжьааҧнытә режимаҿ имҩаҧысуеит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.