Франциа арбџьармчқәа - Франциеи Италиеи ҟынтә Украина SAMP-T-Mamba аҳауахьчаратә комплекс ааԥын азы аиуиеит
Франциа арбџьармчқәа - Франциеи Италиеи ҟынтә Украина SAMP-T-Mamba аҳауахьчаратә комплекс ааԥын азы аиуиеит

Франциеи Италиеи ҟынтә Украина SAMP-T-Mamba аҳауахьчаратә комплекс ааԥын азы аиуиеит. Ари атәы ааицҳаит Франциа Атәылахьчара аминистр Себастиан Лкеорну асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы. Аминистр иажәақәа рыла, аракетатә системақәа рыҭара азҵааразы еиқәшаҳаҭхеит Италиа Атәылахьчара аминистр Гвидо Крозето иҟны.

SAMP-T-Mamba бжьаратә радиус змоу азениттә-ракетатә комплекс ауп.

Украина ахада Владимир Зеленски Франциеи Италиеи рлидерцәа Украина хыхь ҳзыхцәажәаз аҳауахьчаратә системақәа рыҭара дрыҳәеит.