Франциа аиҳабыра ишырҳәаз ала, Еммануель Макрони, Владимир Зеленскии, Кир Стармери Вашингтонҟа рвизит алшара иахәаҧшуеит
Франциа аиҳабыра ишырҳәаз ала, Еммануель Макрони, Владимир Зеленскии, Кир Стармери Вашингтонҟа рвизит алшара иахәаҧшуеит

Франциа аиҳабыра ишырҳәаз ала, Еммануель Макрони, Украина ахада Владимир Зеленскии, Британиа Ду аҧыза-министр Кир Стармери Вашингтонҟа рвизит алшара иахәаҧшуеит. Ари аҳәамҭа ҟалҵеит Франциа аиҳабыра рпресс-маӡаныҟәгаҩ Софи Прима.

Лара лажәақәа рыла, ари авизит хара имгакәа имҩаҧысыр ауеит.

«Ахада Макрон Вашингтонҟа дхынҳәыр ҟалап ахада Зеленскии британиатәи иколлегеи иманы. Уажәы активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит», — илҳәеит Франциа аиҳабыра рхаҭарнак.

Убри адагьы, уаха Еммануель Макрон дықәгылараны дыҟоуп, уаҵәы Евроеидгыла асаммит мҩаҧысуеит.