Франк-Вальтер Штаинмаиер  Си Ӡинпин диҳәеит Урыстәыла Украина иаҿагыланы аибашьра иаҟәыҵырц азыҳәан Путин диацәажәарц
Франк-Вальтер Штаинмаиер  Си Ӡинпин диҳәеит Урыстәыла Украина иаҿагыланы аибашьра иаҟәыҵырц азыҳәан Путин диацәажәарц

 Германтәыла ахада китаитәи алидер диҳәеит Урыстәыла украина иаҿагыланы аибашьра иаҟәыҵырц азыҳәан Путин диацәажәарц. Германтәыла ахада исаит ари аинформациа анылеит иареи Си Ӡинпини ҭелла ианеицәажәа ашьҭахь.

«Европа  урыстәылатәи ақәмақаррақәа рҿаҧхьа ихьацраны иҟам, аенергетикатә кризис аҭыҧқәҵаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Урыстәылатәи агрессиа Урыстәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәеит, Европа зегьы еидгылеит.   Путин уи иазҧхьагәеимҭеит», — иҳәеит Германтәыла ахада китаитәи алидер даниацәажәоз.

Штаинмаиер ипресс-маҵзура адырра ишану ала, Германтәыла ахада китаитәи алидер диҳәеит Владимир Путин изы имоу анырра ихы иаирхәарц.