Финлиандиа аԥыза-министр ишаалыцҳаз, Нато алалара иазку аӡбара мызкәак акәым, мчыбжьқәак рзы рыдыркылоит
Финлиандиа аԥыза-министр ишаалыцҳаз, Нато алалара иазку аӡбара мызкәак акәым, мчыбжьқәак рзы рыдыркылоит

Нато алалара иазку аӡбара мызкәак акәым, мчыбжьқәак рзы рыдыркылоит, – илҳәеит Финлиандиа аԥыза-министр Сана Марин.

Финлиандиа аиҳабыра рнапхгаҩы ишаалыцаз, аграфик иҟаӡам, аха Урыстәыла Украина аганахьала ажәылара иабзоураны зегьы ԥсаххеит.

Сана Марин Стокгольм даныҟаз, швециатәи лколлега Магдалена Андерсон атрансатлантикатә арратә алианс алалара азҵаарақәа дрыхцәажәеит.

„Ари хара имгакәа ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит, аӡбара мызкәак акәым, мчыбжьқәак рзы ҳадаҳкылоит. Апарламенттә гәыԥқәеи ахадацәеи зегьы арҭ амчыбжьқәа рзы аӡбара адкыаларазы алшара рымоуп. Урыстәыла Ҟрым изакәаным аннексиа ашьҭахь, Нато аҟны апартниорра ҳарҭбааит.  Апартниорреи алахәызаареи еиԥшым, ари аԥсахра ҳалшом. Аха даҽа мҩак ҳамам, Нато ахәбатәи ахәҭаҷла иазыԥхьагәатоу атәылахьчара азеиԥш ҭагылазаашьеи рыда ашәарҭадара даҽа гарантиақәа ҳамам. Арҭ адебатқәа апарламент аҿы мҩаԥгахароуп, алкаа апарламент ахь ҳашьҭит, мшаԥы аныҳәа ашьҭах уи аус адулара иалагоит”, – илҳәеит Сана Марин.