Дональд Туск -  Анапхгаратә партиа алхрақәа рҿы аиааира агар, атәыла анапхгара Польша Евроеидгылантә алыргоит
Дональд Туск -  Анапхгаратә партиа алхрақәа рҿы аиааира агар, атәыла анапхгара Польша Евроеидгылантә алыргоит

Польшатәи аоппозициатә партиа   «Атәылауаҩратә платформа» алидер, Европатәи Ахеилак ҧасатәи ахада  Дональд Туск ишиҳәаз ала,  анапхгаратә партиа «Азини аиашареи апартиа» (PiS) алхрақәа рҿы аиааира агар, атәыла анапхгара Польша Евроеидгылантә алыргоит. Туск ари атәы иҩит асоциалтә аҳа «Твиттер» аҿы.

«Жьҭаара 15 рзы ма ҳара  PiS алаагоит, ма  PiS ҳара Евроеидгылантә ҳалнагоит», — иҳәеит  Дональд Туск.

Польша апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит жьҭаара 15 рзы.