Дональд Трампи Владимир Путини Алиаска, Анкориџьи арратә базаҿы еиҧылоит
Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини Алиаска, Анкориџьи арратә базаҿы еиҧылоит.
„СиЕнЕН“ аинформациала, Вашингтони Москвеи ари аӡбара еицрыдыркылеит акыраамҭа инагӡоз аконсультациақәа рышьҭахь.
Амедиа ишану ала, Аҩны шкәакәа ахыҵҵырҭа адыррақәа рыла, „абри аҭоурыхтә хҭыс азы иаҭаху ашәарҭадара аҩаӡара аиқәыршәара“ ахьыҟало аҭыҧ заҵәуп Анкориџьи аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоу Ельмендорф -Ричардсон арратә база.
Амедиа адыррақәа рыла, Жәларбжьаратәи ашьауҕатә ӡбара 2023 шықәсазы Путин иаанкыларазы ақәҵара анаднакыла ашьҭахь, аиҧыларазы аҭыҧ алхра уадаҩхеит. Убри аҟынтә, Урыстәыла ари аиҧылара Европаҿ амҩаҧгара иақәшаҳаҭымхеит.
Аҩны шкәакәа адыррақәа рыла, аиҧыларазы 2 вариантк ирыхәаҧшуан – Алиаскеи Венгриеи. Аҵыхәтәаны, Путин „иаалырҟьаны, Америка аҵакырадгьылаҿ, ҧаса Урыстәыла иаҵанакуаз адгьылаҿ аиҧылара амҩаҧгара дақәшаҳаҭхеит“.