Дональд Трамп –  Украина ацхрааразы иныхыз америкатә аҧара зегьы ҳархынҳәуеит  
Дональд Трамп –  Украина ацхрааразы иныхыз америкатә аҧара зегьы ҳархынҳәуеит  

Америка ахада Дональд Трамп ажурналистцәа данрацәажәоз ишиҳәаз ала,   Украина ацхрааразы иныхыз америкатә аҧара зегьы дырхынҳәуеит.

 «Баиден  350 миллиард адоллар инихит. Сара хәҭак сырхынҳәхьеит, избанзар, лассы иуҧымло аҵхтәқәа ирызку аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылеит. Иныхыз аҧара зегьы ҳархынҳәуеит, уи еиҳангьы иҳархынҳәыр ҟалап. Аха, уажәы акомпенсациа ҳауеит. Ак раҳҭозар, уи ахә ршәоит», — иҳәеит Трамп.

Иара убас, Трамп ишазгәеиҭаз ала, есымза 25 000ҩык рҟынтә  30 000ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа ҭахоит.

«25 000ҩык рҟынтә  30 000ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа ҭахоит. Урҭ америкауаа ракәӡам, Урыстәылеи Украинеи рыруаа роуп. Ари арыцҳара аанкылара сылшозар, иааныскылар сҭахуп. Уи ҟаҳҵоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Америка ахада.

 2025 шықәса ҧхынгәы инаркны,  Трампи НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Руттеи иаҧшьаргаз апрограмма  «Украина аҧыжәаратә аҳәарақәа рсиа» (PURL) аҳәаақәа ирҭагӡаны, НАТО Америка аҟынтә Украиназы абџьар аанахәуеит.