Дональд Трамп – Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо ииашаны лхы мҩаҧылымгар, ахә ду ашәара лықәшәоит, Мадуро иаасҭа иаҳа иџьбароу ахьырхәра лықәшәоит
Америка ахада Дональд Трамп Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо, авице-ахада Дельси Родригес агәҽанҵара лиҭеит лара ииашамкәа лхы мҩаҧылгар, ахә ду ашәара шлықәшәо азы.
«Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо ииашаны лхы мҩаҧылымгар, ахә ду ашәара лықәшәоит, Мадуро иаасҭа иаҳа иџьбароу ахьырхәра лықәшәоит», — иҳәеит Трамп аҭыжьымҭа The Atlantic аинтервиу аҿы.
Америка ахада иҳәамҭала, Венесуела арежим ҧсахтәуп.
«Арежим аиҭашьақәыргылареи аҧсахреи — уажәы ишәымоу аасҭа акырӡа еиҕьуп. Уажәы излаҟо аасҭа еицәахар ҟалом», — иҳәеит Дональд Трамп.
Иара убас, Дональд Трамп ишиҳәаз ала, Гренландиа Америка ахыхьчаразы рнапахьы иааргароуп.
«Аиашаз, Гренландиа даараӡа иаҳҭахуп. Ахыхьчаразы иаҳҭахуп», — иҳәеит Трамп.