Дональд Трамп - Сара амч схы иасырхәом, Америка Гренландиа захьӡу аҭыҧ  амазар аҭахуп 
Дональд Трамп - Сара амч схы иасырхәом, Америка Гренландиа захьӡу аҭыҧ  амазар аҭахуп 

Америка ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, иара имцхәны амч ахархәара игәы иҭам.

Трамп ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Давос имҩаҧысуа Адунеизегьтәи аекономикатә форума аҿы данықәгылоз.

„Сара амч ахархәаразы аӡбара сыдсымкылар, акгьы ҳауӡом. Ус ҟалар, ацәгьы ҳзааникылом, аха, сара ус ҟасҵом. Уажәы зегьы ҭынч рыҧсы еивыргазар ҟалап. Уажәы аҳәамҭа ду ҟасҵазар ҟалап, избанзар ауаа амч схы иасырхәоит ҳәа ргәы иаанагон. Амч ахархәара аҭаххом, амч ахархәара сҭахым.  Гренландиа захьӡу аҭыҧ ҳамазар ҳҭахуп, абри ауп Америка иаҭаху. Ҳара ари аҭыҧ ҳара иаҳтәын, нас,  Аҩбатәи адунеитә еибашьраан анемеццәеи, аиапонцәеи анаҵаҳарха, ари аҭыҧ  Даниа иаҳҭеит. Усҟан ҳаҕәҕәан, аха, уажәы иаҳа ҳаҕәҕәоуп. Ҳтәыла арратә биуџьет  1,5 триллион адоллар иаҟароуп“,  – иҳәеит Трамп.