Дональд  Трамп 2020 шықәсазы апрезиденттә алхрақәа рылҵшәақәа раҧыхразы ахара идырҵеит
Дональд  Трамп 2020 шықәсазы апрезиденттә алхрақәа рылҵшәақәа раҧыхразы ахара идырҵеит

Америка ҧасатәи ахада Дональд  Трамп 2020 шықәсазы апрезиденттә алхрақәа рылҵшәақәа раҧыхразы ахара идырҵеит.

Трамп атәыла ажьареи аофициалтә процедурақәа рымҩаҧгара аҧырхагахареи амзызла ачарҳәара ихарарҵоит.

Ахарадҵаратә акт инақәыршәаны,  амчра ахьчара амзызла, Дональд Трамп, иара аиааира игазшәа аинформациа ҧаршеи алаирҵәон, убри ала, алхрақәа рылҵшәақәа раҧыхра иҭахын.

Ҧасатәи ахада Трамп инаиваргыланы, ахарадҵаратә акт аҿы иарбоуп абри ацәгьара ицҟазҵоз даҽа фҩык ауааҧсырагьы.

Апрокуратура адыррала, дара Трамп ицхраауан  алхрақәа рҧаршеира иазкыз ииашамыз аинформациа  аларҵәараҿы

Трамп ихаҭа ишиҳәаз ала,  иара имҩаҧиго алхраҧхьатәи акампаниа иаҧырхагахарц азыҳәан, иҿагыланы  аполитикатә ашьаҭа змоу  ашьҭацаларатә кампаниа мҩаҧыргоит.  Америка имҩаҧгаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Дональд Трамп Ареспубликатә партиа аҟынтә атәыла ахада иҭыҧаз акандидатцәа рыбжьара аҧхьагылара имоуп.