Дональд Трам ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа рпалата аҿҳәаракьаҿлатәи спикерс дҟарҵарц дақәшаҳаҭхеит
Дональд Трам ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа рпалата аҿҳәаракьаҿлатәи спикерс дҟарҵарц дақәшаҳаҭхеит

Дональд Трам ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа рпалата аҿҳәаракьаҿлатәи спикерс дҟарҵарц дақәшаҳаҭхеит.

ЕАШ ԥасатәи ахада “Фоқс ниус диџьиҭал” аинтервиу аҿы ишазгәеиҭаз,  ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа рпалата аҿҳәаракьаҿлатәи спикерс дҟарҵарц дақәшаҳаҭхеит, ари ареспубликатә партиа аидҵара ауп хықәкыс иамоу.

„Ари аҭыԥ аанкалара аидҵаҩ иаҳасабла исыҳәеит, избан акәзар аконгрес аҿы аҩызцәа рацәаны сымоуп. Ари аҭыԥ ааныскылоит аӡбара рыдыркылаанӡа“, –иҳәеит Трамп.

ЕАШ ԥасатәи ахада апалата аспикет иҭыԥ аанкыларазы ажәагала  ҟазҵаз имҳәаӡеит.