Дмитри  Песков -  Финляндиа НАТО иалалар,  Урыстәыла ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы иахәҭоу  аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит  
Дмитри  Песков -  Финляндиа НАТО иалалар,  Урыстәыла ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы иахәҭоу  аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит  

«Финляндиа  НАТО иалалар,  Урыстәыла ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит», —  иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

Иара иажәақәа рыла, абри азҵаара  ҳаҧхьаҟа НАТО арҭбаара апроцесс шымҩаҧысуа, НАТО аинфраструктура Урыстәыла аҳәаақәа иахьынарзааигәахо иахьыҧшуп.

«Урыстәыла ахадеи акомандаҟаҵаҩы хадеи адҵа ҟарҵахьеит ҳтәыла мраҭашәаратә флангқәа рырҕәҕәаразы имҩаҧгатәу аҭагылазаашьақәа реиқәыҧхьаӡа еиқәдыршәарц. НАТО ҳара ҳхырхарҭала аҽырҭбаара иаҿуп. Убри аҟынтә, аҭагылазаашьа абаланс азуреи ҳшәарҭадара аиқәыршәареи азыҳәан, анализ ҷыда ҟаҵаны, иахәҭоу аӡбарақәа ҳадаҳкылоит», — иҳәеит  Песков.