Дмитри Песков — Урыстәылагьы Китаигьы аиадертә бџьар аҧышәарақәа мҩаҧыргом
Дмитри Песков — Урыстәылагьы Китаигьы аиадертә бџьар аҧышәарақәа мҩаҧыргом

Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Дональд Трамп иҳәамҭа данахцәажәоз ишиҳәаз ала, Урыстәылагьы Китаигьы аиадертә бџьар аҧышәарақәа мҩаҧыргом.

«Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит Уыстәылагьы Китаигьы аиадертә бџьар аҧышәарақәа шымҩаҧырымго», — иҳәеит Дмитри Песков Трамп иҳәамҭа данахцәажәоз. Трамп ишиҳәаз ала, егьырҭ атәылақәа, Урыстәылагьы Китаигьы аиадертә бџьар аҧышәара иаҿуп, убри аҟынтә, Вашингтонгы аиадертә  бџьар аҧышәара еиҭалагоит.