Дмитри Песков - Европа аибашьра анагӡара иазҿлымҳауп, дара рпозициа  Москвеи Вашингтони рпозициа еиҧшым
Дмитри Песков - Европа аибашьра анагӡара иазҿлымҳауп, дара рпозициа  Москвеи Вашингтони рпозициа еиҧшым

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков  аиҿцәажәарақәа рҽалархәразы Урыстәылантә Сҭампылҟа идәықәло аделегациа иалоу имҳәеит.

«Атәыла ахада иахәҭоуп ҳәа ианиҧхьаӡалак, ишәаҳҳәоит», — иҳәеит Кремль ахаҭарнак абрифинг аҿы.

Дмитри Песков иажәақәа рыла, урыстәылатәи аган аҧшьашазы Сҭампыл имҩаҧысраны иҟоу аицәажәарақәа рзы рҽазыҟарҵоит.

Уаанӡа, Украина ахада  Владимир Зеленски иҳәеит Сҭампыл Путин иҧылара дшазыхиоу.

Убри адагьы,  Дмитри Песков  ишиҳәаз ала, Европа украинатәи азҵаара ииашамкәа иазныҟәоит, дара аибашьра анагӡара иазҿлымҳауп.

«Европы аибашьра анагӡара иазҿлымҳауп, дара рпозициа  Москвеи Вашингтони рпозициа еиҧшым», — иҳәеит  Песков европатәи алидерцәа Сҭампыл имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа рҽаладырхәома ҳәа ианиазҵаа.