Дмитри Песков - Ҳрегионаҿ зеиҧшҟамлац ала аҭагылазаашьа аескалациа шымҩаҧысуа ҳбоит 
Дмитри Песков - Ҳрегионаҿ зеиҧшҟамлац ала аҭагылазаашьа аескалациа шымҩаҧысуа ҳбоит 

Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков  Иран ааигәара Америка активра ду афонаҿ аганқәа зегьы аҽаанкылара рыбжьеигеит.

«Абарҭ аплантә азыҟаҵарақәа заанаҵы еиқәшаҳаҭын. Урыстәыла Иран аҟны аизыҟазаашьақа рырҿиара нанагӡоит. Ҳара ирантәи ҳҩызцәеи арегион егьырҭ атәылақәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҽаанкылареи агәҽанызаареи аадырҧшырц.  Иара убас, аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит иарбанзаалак зҵаарак аӡбараан аполитикатәи адипломатиатәи хархәагақәа рхы иадырхәарц. Уажәазы, ҳрегионаҿ зеиҧшҟамлац аескалациа шымҩаҧысуа ҳбоит, аполитикатәи адипломатиатәи шьаҿақәеи аиҿцәажәарақәеи  аҧыжәара роуп ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Дмитри Песков.