Дмитри Песков иҳәамҭала, Владимира Путин Сҭампылҟа днеиуам
Дмитри Песков иҳәамҭала, Владимира Путин Сҭампылҟа днеиуам

Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков иҳәамҭала,  Владимир Путин  Сҭампыл имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа ихы рылеихәом.

Ари аинформациа аладырҵәеит урыстәылатәи АИХқәа.

Уажәааны Дональд Трамп ишиҳәаз ала, лаҵара  16рзы Сҭампыл имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа раан апрогресс ҟалар, иара Ҭырқәтәыла даҭааир ауеит.