Дмитри Песков – Урыстәыла Украина абашьра нанагӡоит, избанзар, адипломатиатә мҩала ахатә хықәкқәа зынанагӡом
Дмитри Песков – Урыстәыла Украина абашьра нанагӡоит, избанзар, адипломатиатә мҩала ахатә хықәкқәа зынанагӡом

Урыстәлыа ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәамҭала, Урыстәыла Украина абашьра нанагӡоит, избанзар, адипломатиатә мҩала ахатә хықәкқәа зынанагӡом.

«Арратә операциа ҷыда аан ҳхықәкқәа рынагӡара ҳазҿлымҳауп, уи аполитика-дипломатиатә хархәагақәа рыла иҟаҳҵар еиҕьаҳшьоит», — иҳәеит Песков.

Аха, иара ишиҳәаз ала, уи еиҧш алшара иҟам, убри аҟынтә, Урыстәыла арратә операциа ҷыда амҩаҧгара нанагӡоит.