Дмитри Песков иҳәамҭала, арратә аҭҟәацәа реиҭныҧсахларазы украинатәи аган аус рыцыруеит
Дмитри Песков иҳәамҭала, арратә аҭҟәацәа реиҭныҧсахларазы украинатәи аган аус рыцыруеит

Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри  Песков иҳәамҭала, арратә аҭҟәацәа реиҭныҧсахларазы украинатәи аган аус рыцыруеит, аха, Песков ишазгәеиҭаз ала, ари апроцесс уадаҩуп, избанзар аконкреттә ауаа рзы еиқәшаҳаҭхароуп.

«Ари апроцесс мариам. Ҳәарада,  аконкреттә хаҿқәа ирыдҳәаланы аусура мҩаҧысуеит. Зқьҩык зқьҩык рзы рыҧсахра ҳгәы иҭоуп, убри аҟынтә, ари апроцесс аамҭа аҭахуп. Ари ахырхарҭала аусура инагӡоит», — иҳәеит  Песков.

Украинеи Урыстәылеи рхаҭарнакцәа арратә аҭҟәацәа реиҭныҧсахларазы еиқәшаҳаҭхеит Сҭампыл имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәа раан.