Дмитри Песков – Урыстәыла Қырҭтәылазы акомпенсациа ашәара иадҳәаланы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара нанагӡом
Урыстәыла Қырҭтәылазы акомпенсациа ашәара иадҳәаланы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара нанагӡом, – иҳәеит Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
„Ари даҽа зҵаарак ауп. Ҳара ари аӡбара наҳагӡом“, – иҳәеит Песков Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара иадҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵарала, акыраамҭалатәи ампыҵахалара аус азы, Урыстәыла, Қырҭтәылазы 253 миллион евро акомпенсациа ашәара адырҵеит.