Австралиа аԥыза-министр Бучеи Ирпени, Гостомели дырҭааит
Австралиа аԥыза-министр Бучеи Ирпени, Гостомели дырҭааит

Австралиа аԥыза-министр Украина дыҟоуп. Уи Бучеи Ирпени, Гостомели дырҭааит. Ари атәы асоциалтә каҭаҿы ааицҳаит Киевтәи аокруг анапхгаҩы Алексеи Кулеба.

Кулеба иажәқәа рыла, Австралиа аԥыза-министр Ентони Албанизи Украина раԥхьаӡа даҭааит.

Австралиа аԥыза-министр еилаҳаз аҩнқәеи, аҳаирбаӷәаза “Антонови” ибеит.

“Австралиа Уарина адгылоит, ара аҭыԥ змоу ацәгьаурақәа изхароу рхьырхәра адгылоит. Киевтәи аокруг ахь авизит азы аделегациа алахәылацәа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Европа агәҭаны, Украина ицо аибашьра, адунеи амш аусхәаԥштә аҿы иаанхароуп”, – иазгәеиҭеит Кулеба.