Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Сиҕнаӷи амуниципалитетаҿ, 5 километрк рыла Қырҭтәыла аҳәаа иазааигәаны, аҭырқәа арратә ҳаирплан каҳаит
Иахьа, Сиҕнаӷи амуниципалитетаҿ, 5 километрк рыла Қырҭтәыла аҳәаа иазааигәаны, аҭырқәа арратә ҳаирплан каҳаит, заанаҵтәи адыррақәа рыла, ари аҳаирплан Азербаиџьан-Ҭырқәтәыла ахырхарҭала ареис мҩаҧнагон, – ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
Аинформациа ишану ала, ари афакт иадҳәаланы аусеилыргара мҩаҧысуеит ашьауҕатә закәанеидкыла 275-тәи ахәҭаҷ 4-тәи ахәҭала, ауаҩы иҧсра зыхҟьаз аҳаиртә транспорт аныҟәара ашәарҭадара ма ахархәара аҧҟарақәа реилагаразы.
„Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ари афакт иадҳәалоу аинформациа зегьы етапла ицәырнагоит“, – иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.